Ажәабжь ҿыцқәа
17 July 2026 68
Ԥхынгәымза 17, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа иҭара иазкыз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
17 July 2026 122
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феликс Рамон Пласенсиа Гонсалес идиныҳәалеит Венесуела Адәныҟатәи аусқәеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистрс иҟалара.
14 July 2026 123
Ԥхынгәымза 14, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков диԥылеит.
13 July 2026 106
Ԥхынгәымза 13, 2026 шықәса рзы Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет (ИУОГУ) аҿы Ниурнбергтәи апроцесс ахыркәшара 80-шықәса ахыҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ниурнберг: ареабилитациа азин ыҟамкәаа» мҩаԥысит.
Ԥхынгәымза 13, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови реиԥылара мҩаԥысит.
13 July 2026 107
Ԥхынгәымза 13, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихы алаирхәит ашәҟәы «Иҳаҩсхьоу аҵабырг» аӡыргара.
10 July 2026 70
Ԥхынгәымза 10, 2026 шықәса рзы Аԥсны АдәАР астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба «Киевтәи арежим ацәгьоурақәа: Херсонтәи аобласт аграждантә уааԥсыра рганахьала атеррор» ҳәа атема ала жәларбжьаратәи ателецҳа ихы алаирхәит.
Ԥхынгәымза 9, 2026 шықәсазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны Аҳаҭыртә консул Адик Аршбеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аекспатриантцәа русқәеи рзы аминистрра адышшылара анота азынанашьҭит.