Ажәабжь ҿыцқәа

30 May 2023 317 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымраз ашәҟәы рыдыркылеижьҭеи 31 шықәса аҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы неишь
20 May 2023 455 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 31 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
19 May 2023 380 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы раԥхьатәи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ, иахьазы Таџьикистан Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Семион Григориев Инал Арӡынба идиныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30-шықәса ахыҵра аныҳәамш.
26 March 2023 405 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олегу Боциев дидныҳәалеит.
21 March 2023 419 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба урыстәылатәи иколлега Сергеи Лавров иирамш идиныҳәалеит.
7 March 2023 610 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватаман ПМР аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 15 шықәса аҵра идиныҳәалеит.
6 March 2023 332 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев имшира идиныҳәалеит.
2 March 2023 372 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Молдова Приднестровие иаҿагыланы абџьар шьҭнахижьҭеит 31-шықәса аҵра инамаданы.
10 February 2023 492 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.
6 February 2023 563 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшылара ҟанаҵеит Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуааи рзы аминистррахь Шьамтәыла аҩадатәи апровинциақәа рҟны аԥсыҭбарақәа зцыз адгьылҵысра инадҳәаланы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: