Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакраҟны аԥснытәи ассоциациақәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа алархәны аконсультативтә еиԥылара мҩаԥысит

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакраҟны аԥснытәи ассоциациақәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа алархәны аконсультативтә еиԥылара мҩаԥысит
12 August 2026 61

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу Ахаҭарнакраҿы аԥснытәи ассоциациақәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа — ахантәаҩы Иавуз Илкучар (Аҭыршба), амаӡаныҟәгаҩ хада Шамиль Зерен (Иашба), Биулен Барыш (Печлиа), Аԥсардаҳан Озташ (Быџь), Џьанкат Елкат (Аубых), Иара убас Аԥснытәи Акультуратә Центр «Дарыери» ахантәаҩы Аҭанур Аксои (Акуспа) алархәны, аԥшьгаратә гәыԥ «Аԥсны аҭахкаара аанкылатәуп» ахаҭарнакцәа— Џьенгиз Гиуль (Гогәуа), Аныт Бабы (Пабба), Ульви Озџьан (Хукши), Аҳмеҭ Бабаоглу, Бильге Екен, Дилара Ҭан (Кабыԥсы) алахәны аконсультативтә еиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылараан, Аԥсни Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи рыбжьара агуманитартәи, акультуратәи, ауаажәларратәи еимадарақәа реиқәырхареи рырҿиареи рызҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Хазы ахшыҩзышьҭра рыҭан атранспорттә еимадара азҵаарақәа, иара убас аԥснытәи аныҟәарашәҟәқәа разхаҵара азҵаара аӡыргаразы имҩаԥырго аҽазышәарақәа ирылацәажәан.

Аԥснытәи ассоциациақәа Рфедерациеи аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәеи «Аԥсны аҭахкаара аанкылатәуп» ахаҭарнакцәеи имҩаԥырго аусуреи ԥхьаҟатәи реинырра азнеишьақәеи ртәы рҳәеит. Уажәазы ицо аусуреи уи акоординациа ахырхарҭақәеи рганахьала ахәшьарақәа реимдара мҩаԥысит.

Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭоурыхтә ԥсадгьыли ҳареи иҭышәынтәалоу аимадарақәа ҳабжьазарц, ҳҭынхацәа ҳарҭааларц, Аԥсни ҳареи агуманитартәи акультуратәи еимадарақәа ҳахьчаларц азы алшара адиаспора ахаҭарнакцәа рзы аҵак ду амоуп ҳәа. Убри инамаданы иазгәаҭан уи азы азҵаарақәа зегь раԥхьаӡа иргыланы гуманитартә ҟазшьала рыхәаԥшра ахәҭоуп ҳәа, убри аан атәылауаа ринтересқәеи еицазхарҵахьоу ауаҩы изинқәа рыпринципқәеи ҳасаб рзуны.

Аиԥылара алахәылацәа инаҵшьны иазгәарҭеит иарбоу азҵаарақәа ишәаны-изаны раларҵәара шаҭаху, аконструктивтә знеишьа, аинтерес змоу аганқәа рыҿцәажәара, иара убас ауаажәларратә еиҿкаарақәеи уи азы аинститутқәеи рыбжьара еилыккоу акоординациа амҩаԥгара шхымԥадатәиу.

Иара убасгьы иазгәаҭан аԥсуа диаспора еиуеиԥшым ахаҭарнакцәа реидкылара, иаку акоммуникациатә позициа аус адулара, агуманитартәи ауаажәларратәи ҵакы змоу азҵаарақәа рыхәаԥшраан иаӡәкны аҟазаара аҵак ду шамоу.

Ибраҳим Аҩӡба алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара аҿиараҿы рлагалазы, иагьышьақәирӷәӷәеит апрофильтә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә хеидкылақәеи аконсультациақәа рыцымҩаԥгареи конструктивла аус рыцуреи ԥхьаҟагьы дшазыхиоу.

Ҷыдала ҭабуп ҳәа раҳәан аԥсуа ассоциациақәа Рфедерациеи аԥшьгаратә гәыԥ «Аԥсны аҭахкаара аанкылатәуп»-и имҩаԥырго аусуреи актуалтә зҵаарақәа рылацәажәара ралахәхареи рзы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: