Нанҳәамза 6, 2026 шықәса рзы Шьамтәылатәи Арабтә Республика акультура Аминистрра ааԥхьарала Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али 2026 шықәсазы Дамасктәи ахырӷәӷәарҭаҿы имҩаԥысуаз Шьамтәылатәи аԥхынтәи аҭаацәаратә фестиваль аартра ихы алаирхәит.
Ацеремониа иалахәын Шьамтәылатәи Арабтә Республика акультура аминистр Муҳаммад Иасин Салех, атуризм аминистр Мазен Аль-Сальхани, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа гәыԥҩык.
Афестиваль иаҵанакуеит асахьаркыратәи акультуратәи қәгыларақәа, иара убас ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратәи аҵаратәи усмҩаԥгатәқәа, шьамтәылатәи апровинциақәа рҿы атур аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыслоит нанҳәамза 21 рҟынӡа, акультуратәи асоциалтәи еинырра ацхраара хықәкыс иҟаҵаны.