Ажәабжь ҿыцқәа

06.06.2025 197
Кавказнҭыҵтәи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рраунд жәабранмза 25, 26 рзы имҩаԥысуеит, ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо, аделегациа ахада Одиссеи Бигәаа.
2025 шықәса рашәара 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ и.н. Одиссеи Бигәааи Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: ООН аҟынтәи Џьиҳан Султаноглу, ЕС аҟынтәи Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи Криштоф Ернст Шпети реиԥылара мҩаԥысит.
2025 шықәса рашәара 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц идикылеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: ООН аҟынтәи Џьиҳан Султаноглу, ЕС аҟынтәи Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи Криштоф Ернст Шпети.
06.06.2025 1138 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуааи русқәа рзы аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани зегь реиҳа ҳаҭыр зқәу ҳәа ишьо аԥсылманцәа рныҳәақәа иреиуоу Ид аль-Адха «Кәырбан-Баирам» инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада арезолиуциа «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахҵәацәа рҭагылазаашьа» рыдыркылеит аԥсуа ган агәаанагара ҳасаб азуымкәа.
03.06.2025 199
2025 шықәса, рашәарамза 5 – 7 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа официалла даҭаауеит.
29.05.2025 272
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ахьыԥшымраз Акт рыдыркылеижьҭеи 33 шықәса аҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы азырышьҭит
29.05.2025 387
Аҟәа, Жәларбжьаратәи акультура-ҵарадырратә фестиваль "Аиҩызара амҩа" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Нижни Новгород амшқәа мҩаԥысуеит.
29.05.2025 233
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц агазеҭ «Республика Абхазия» иеиҭаз аинтервиу кьаҿ
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Стециуки Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватамани реиԥылара мҩаԥысит.
29.05.2025 188
2025 шықәса лаҵара 29 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи 14 шықәса ҵит.
29.05.2025 167 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев Аахыҵ Уаԥстәыла адипломаттә усзуҩы Имш азгәаҭара инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
29.05.2025 188 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аахыҵ Уаԥстәыла адипломаттә усзуҩы Имш азгәаҭара инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра аԥшьгарала, Приднестровиа иҟоу азинмчы змоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватамани ақалақьқәа Тираспольи Днестровски рхада И. Тиуриаеви Бендера ақалақь жәлар рдепутатцәа Рхеилак ахантәаҩы Иу. Кареи еиԥылеит.
28.05.2025 188 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара идиныҳәалеит.
27.05.2025 191 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто лаҵара 25 рзы имҩаԥысыз апарламенттәи арегионалтәи алхрақәа рҿы Венесуела Иаку асоциалисттә партиа иагаз аиааира идиныҳәалеит.
26.05.2025 173
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ашьапылампылтә клуб «Краснодар» ахада Сергеи Галицкии адиректор хада Владимир Ҳашыги ашьапылампыл азы Урыстәыла Ачемпионат аҿы аиааира агара рыдиныҳәалеит.
Иахьа, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аконституциатә ӡбарҭаҿы, ПМР Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Олег Кабалоеви Приднестровие иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
22.05.2025 146
Ҳазҭоу ашықәс лаҵара 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц А.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ даҭааит, аушьҭымҭацәа ашкол аҿы рҵара ахыркәшара рыдиныҳәалеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: